2021-шықәса раԥхьатәи амшқәа инадыркны аусура хацнаркит, Гәдоуҭатәи араионтә ҵара аҟәша ашьақәгылазаашьатә еилазаашьа иахәҭакны ҿыц иаԥҵоу Аԥсуа бызшәа арҿиара аметодикатә кабинет.
Аметодикатә кабинет ақәкы хадақәа иреиуоуп:
- еиҵагыло абиԥара аԥсуа бызшәа ахӡыӡаара рылааӡареи агәбылра дыркреи; уи иацәтәымымкәа ицқьаны ахархәареи, рхәыцра арҿиареи рзы еиуеиԥшым азнеишьақәа рыԥшаареи, аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи;
- аҵарақәранӡатә ааӡареи абжьаратә ҵараиуратә усбарҭақәеи рҟны, аԥсуа бызшәа арҿиаразы абжьгаратә – знагашьатә усура;
- хатәгәаԥхарала агәаҳәара аазырԥшуа, аԥсуа бызшәа еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла дырҵара… уҳәа убас, аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи рзы хра злоу акыр ауснагӡатәқәа.
Аҭыӡҭыԥ - ақ. Гәдоуҭа, Афырхацәа рымҩа 116, 2-аихагыла, аҭел: +79409665759
Аметодикатә кабинет аиҳабы – Анқәаб Ахра Владимир-иԥа